Владимир Зеленски ҩыџьа аинралцәа ачин рымихит
Владимир Зеленски ҩыџьа аинралцәа ачин рымихит

Украина ахада Владимир Зеленски ҩыџьа аинралцәа ачин рымихит.

Зеленски иажәақәа рыла, уи аԥсахҩцәа зегьы рус аилыргара аамҭа имаӡам, аха амчратә структурақәа етапла ррыцқьара далагеит.

Владимир Зеленски ишазгәеиҭаз ала, аинрал ичин рымихит аҩнуҵҟатәи шәарҭадара адепартамент хада ԥасатәи аиҳабы Андреи Наумови Херсонтәи аокруг аҿы аҳәынҭқарратә шәарҭадара адепартамент ԥасатәи аиҳабы Сергеи Криворучкои.

Зеленски арҭ ахаҿқәа “антифырхацәа” ҳәа рыхьӡиҵан, абри еиԥш ауаа Украина аҿаԥхьа ишьҭарҵаз аҭоуба еиларгоит ҳәа иазгәеиҭеит.