Владимир Зеленски ишааицҳаз, аоперациа ҷыдаан даанкылан Виктор Медведчук
Владимир Зеленски ишааицҳаз, аоперациа ҷыдаан даанкылан Виктор Медведчук

Украина ахада Владимир Зеленски ишааицҳаз, аоперациа ҷыдаан даанкылан Виктор Медведчук

„Аоперациа ҷыда мҩаԥган. Амаҵзура ҷыдақәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Хара имгакәа адетальқәа алаҳарҵәоит“, – иҩит Зеленски асоциалтә каҭаҿы.

Украина ахада арратә форма зшәу иаанкылоу Медведчук ипатреҭ алаирҵәеит.

Владимир Путин изааигәоу украинатәи адепутат Виктор Медведчук аҳәынҭқарра аԥсахра ихарарҵоит, аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, уи аҩнытә ҭакра иқән, аха Урыстәыла Украина ажәылара ашьҭахь, Медведчук абналара илшеит.