Владимир Зеленски – Аконтржәылара  – акиноӡам, зегьы реиҳа ихадоу - Урыстәыла уи абароуп, насгьы, ацәа ианырроуп
Владимир Зеленски – Аконтржәылара  – акиноӡам, зегьы реиҳа ихадоу - Урыстәыла уи абароуп, насгьы, ацәа ианырроуп

«Аконтржәылара  – акиноӡам, уи шыжәбаша аҳәара сцәыуадаҩуп,  зегьы реиҳа ихадоу – Урыстәыла уи абароуп, насгьы, ацәа ианырроуп» — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Естониа ахада Аланом Кариси иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Зеленски иажәақәа рыла, аконтржәылара абзоурала украинатәи аҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра рылшароуп.

«Аконтржәылара  – акиноӡам, уи шыжәбаша аҳәара сцәыуадаҩуп,  зегьы реиҳа ихадоу – Урыстәыла уи абароуп, насгьы, ацәа ианырроуп. Ҳҵакырадгьыл импыҵахаланы измоу арбџьармчқәа роуп ҳазлацәажәо. Ҳҵакырадгьыл адеокупациоуп аконтржәылара алҵшәас иахылҵуа. Уи амҩаҧгара ҳаналаго уи шалагаза еилышәкаауеит», — иҳәеит  Зеленский.