Владимир Путин – Урыстәыла Украинаҿ аимак ирласӡаны ахыркәшара иазҿлымҳауп, аха,  Киев аиҿцәажәарақәа рзы мап ркит
Владимир Путин – Урыстәыла Украинаҿ аимак ирласӡаны ахыркәшара иазҿлымҳауп, аха,  Киев аиҿцәажәарақәа рзы мап ркит

«Урыстәыла Украинаҿ аимак ирласӡаны ахыркәшара иазҿлымҳауп, аха,  Киев аиҿцәажәарақәа рзы мап ркит», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Индиа аҧыза-министр  Нарендра  Моди даниҧылоз.

«Украинатәи аимак иазкны шәпозициа здыруеит. Шәара еснагь аашәырҧшуеит ари азҵаара шәшаргәамҵуа.
Абри зегьы излауа ала ирласны ахыркәшаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Украина анапхгара аиҿцәажәаратә процесс ишақәшаҳаҭым аарыцҳаит, дара ишырҳәаз ала, рхықәкқәа зегьы еибашьрала инарыгӡар рҭахуп », — иҳәеит Путин.