Владимир Путин – Урыстәыла имҩаҧнаго аоперациа ҷыда - аибашьра аҵыхәҧҵәара аҽазкроуп
Владимир Путин – Урыстәыла имҩаҧнаго аоперациа ҷыда - аибашьра аҵыхәҧҵәара аҽазкроуп

Урыстәыла имҩаҧнаго аоперациа ҷыда – аибашьра аҵыхәҧҵәареи арҭ аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳуааҧсыра рыхьчареи  аҽазкроуп, — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин  аветеранцәа данырҧылоз.

«Изныкымкәа ишысҳәахьоу еиҧш, иахьа иҟаҳҵо зегьы, аоперациа ҷыдагьы  — ари аибашьра аҵыхәҧҵәара аҽазкроуп. Арҭ аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳуааҧсыра рыхьчароуп ари аоперациа хықәкыс иамоу», — иҳәеит  Владимир Путин.

Урыстәыла ахада Украина анапхгара ирхараиҵеит урысшәала ицәажәо  ауааҧсыра рзинқәа рыларҟәра, иара ишазгәеиҭаз ала, Украина арҭ ахҭысқәа иалагеит 2014 шықәсазы.

«Украина иадҳәалоу арыцҳара иалагеит  2014 шықәсазы, уи иалагеит Украинаҿ антикоституциатә арратә аарҳәра ала», — иҳәеит Путин.

Иара убас, Урыстәыла ахада ишиҳәаз  ала,  Урыстәыла иалшоз зегьы ҟанаҵеит   «ари аҭагылазаашьа аҭынчмҩала аҭыҧқәҵаразы».