Владимир Путин – Урыстәыла арратә операциа аанкылахоит ҭагылазаашьак мацара аан, Киев аибашьра иаҟәыҵны адемилитаризациа иазку Москва аҳәара нарыгӡар
Урыстәыла арратә операциа аанкылахоит ҭагылазаашьак мацара аан, Киев аибашьра иаҟәыҵны адемилитаризациа иазку Москва аҳәара нарыгӡар – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла даниацәажәоз.
Ари аинформациа аланарҵәеит Кремль.
Путин Ердоҕан изышьақәирҕәҕәеит аимак аҭыҧқәҵаразы Украина анапхгареи аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи рацәажәара дшазыхиоу.