Владимир Путин Сергеи Шоигу ицынхәрас, Атәылахьчара аминистрс Андреи Белоусов дықәиргылеит
Владимир Путин Сергеи Шоигу ицынхәрас, Атәылахьчара аминистрс Андреи Белоусов дықәиргылеит

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ахада Владимир Путин Сергеи Шоигу ицынхәрас, Атәылахьчара аминистрс Андреи Белоусов дықәиргылеит.

“Ахеилак ахада иҟынтә аконсультациақәа рымҩаԥгаразы афедералтә министррақәеи адепартаментқәеи рнапхгаҩцәа ркандидатурақәа аиуит: Атәылахьчара аминистр иҭыԥ ахь иқәгылоуп Андреи Белоусов икандидатура”, – иануп Урыстәылатәи Афедерациа ахеилак аҳәамҭа аҿы.

Белоусов Михаил Мишустин икабинет аҿы аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан.