Владимир Путин иҳәамҭала, Беларус аиадертә бџьар дыргылоит ҧхынгәы  7-8 ашьҭахь
Владимир Путин иҳәамҭала, Беларус аиадертә бџьар дыргылоит ҧхынгәы  7-8 ашьҭахь

Беларус аиадертә бџьар дыргылоит ҧхынгәы  7-8 ашьҭахь. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Путин ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи аиадертә бџьар Беларус идыргылоит аобиектқәа андырмазеилак ашьҭахь.

«Аплан инақәыршәаны аусура наҳагӡоит. Ишыжәдыруа еиҧш, ҧхынгәы  7-8 рзы иашьашәалоу аобиектқәа рырмазеира хыркәшахоит. Убри ашьҭахьҵәҟьа, шәҵакырадгьылаҿ аиадертә бџьар аргылара ҳалагоит», — иҳәеит  Путин беларустәи иколлега Алеқсандр Лукашенко даниҧылоз.