Владимир Путин - Ҳусқәа уаанӡа инеип ҳәа сгәы иаанагом, аха, ҳара, арра-техникатә ганахьала, атомтә еибашьра ҳазыхиоуп
Арра-техникатә ганахьала, Урыстәыла атомтә еибашьра иазыхиоуп, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин аурыс медиа ахаҭарнакцәа аинтервиу анриҭоз.
Уи аамҭазы Путин ишазгәеиҭаз ала, „уажәы ахҭысқәа ари ахырхарҭала ицоит ҳәа“ игәы иаанагом.
„Ҳәарада, арра-техникатә ганахьала ҳахиоуп, ҳара уи еснагь ирхианы иҳамоуп”, – иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, Америка ахатә аруаа Украинаҟа идәықәнаҵар, Урыстәыла ари афакт иахәаҧшуеит аинтервенциа аҳасабала.
„Баидени егьырҭгьы Урыстәыла-Америкатә еизыҟазаашьақәа аусхкы аҿы астратегиатә аҽынкылара аганахьала аспециалистцәа рацәа рымоуп. Ҳусқәа уаанӡа инеип ҳәа сгәы иаанагом, аха, ҳара атомтә еибашьра ҳазыхиоуп”, – иҳәеит Путин.