Виола фон Крамон – Украинеи Молдовеи ахә мариала акандидат астатус ранашьоуп, дара наӡаӡа азыҧшра арежим аҿы иаанхар ауеит
Виола фон Крамон – Украинеи Молдовеи ахә мариала акандидат астатус ранашьоуп, дара наӡаӡа азыҧшра арежим аҿы иаанхар ауеит

Европарламент адепутат  Виола фон Крамон лҳәамҭала, Украинеи Молдовеи акандидат астатус ранашьара иазку аӡбара  «ахә мариоуп».

Европарламент адепутат ари ҳәамҭа ҟаиҵеит аҭыжьымҭа «Евроактив» аинтервиу аналҭоз.

«Молдовеи Украинеи рзы ирыдыркылаз аӡбара ахә мариоуп. Агеополитикатә ҭагылазаашьа абас аныцәгьоу аамҭазы, абри аҩыза аӡбара адкылара мариоуп. Дара, Ҭырқәтәылеи Мраҭашәаратә Балканқәеи реиҧшҵәҟьа,   наӡаӡа азыҧшра арежим аҿы иаанхар ауеит.  Акандидат астатус –  афинанстә ҧхырқәрақәа рыда Евроеидгыла иҟанаҵар зылшо аҵыхәтәантәи шьаҿоуп.  Украина аибашьра иаҿуп, уи еилкаауп.  Қырҭтәыла апроблемақәа иҟоуп. Ҧаса дара ареформақәа рымҩаҧгареи, акоррупциа аҿагылареи, ауаажәларра амодернизациеи аганахьала аҧхьагылара рыман. Аха, уажәы, ииашам ахырхарҭа алырхит. Агхақәа рыриашара ацынхәрас, дара, агхақәа ацырҵоит.  Ари атәылазы ирыдыркылаз аӡбара иашоуп: зны аҩныҵҟатәи адҵа нарыгӡароуп, анеҩ, даргьы Украинеи Молдовеи реиҧшҵәҟьа,  астатус раҳҭоит», — илҳәеит  Виола фон Крамон.