Виола фон Крамон - Мраҭашәара Босниаҿ апозициақәа рырԥсыҽра алшара рнаҭар, ари Балканқәа мацара рҿы акәымкуа, Украинеи Қырҭтәылеи рахь Путин иааԥхьара ауп иаанаго
Виола фон Крамон - Мраҭашәара Босниаҿ апозициақәа рырԥсыҽра алшара рнаҭар, ари Балканқәа мацара рҿы акәымкуа, Украинеи Қырҭтәылеи рахь Путин иааԥхьара ауп иаанаго

Мраҭашәара Босниаҿ апозициақәа рырԥсыҽра алшара рнаҭар, ари Балканқәа мацара рҿы акәымкуа, Украинеи Қырҭтәылеи рахь Путин иааԥхьара ауп иаанаго , – илҩит Европарламент алахәыла Виола фон Крамон “Твиттер” аҿы.

“Босниаҿ P 3-и Евроеидгылеи рырԥсыҽра ҳаззегьы анырра ҳнаҭоит: Кремль имҩаԥнаго агрессивтә аполитика иаҳа цәгьахоит. Мраҭашәара Босниаҿ апозициақәа рырԥсыҽра алшара рнаҭар, ари Балканқәа мацара рахь акәымкуа, Украинеи Қырҭтәылеи рахь Путин иааԥхьара ауп иаанаго,” – илҩит Евродепутат.

Ҳазҭагыло амчыбжь азы ЕАР ашәарҭадаратә хеилак аҿы иахәаԥшуеит Босниаҿ EUFOR аҭынчрачаԥаратә миссиа амандат аҿҳәара шықәсык ала анагӡара азҵаара. Урыстәыла арезолиуциа вето ақәҵара ала иқәмақаруеит.