Виола фон Крамон  - Ашәшьыратә режим аҿаԥхьа иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа 80 наӡына аанҳажьуам, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара хымԥада иалалоит
Виола фон Крамон - Ашәшьыратә режим аҿаԥхьа иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа 80 наӡына аанҳажьуам, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара хымԥада иалалоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии лыжәлари рхы инаркны ршьапаҟынӡа европауаа роуп, лара аконституциа 78-тәи ахәҭаҷ лыхьчоит, – илҳәеит Европарламент алахәыла Виола фон Крамон.

Виола фон Крамон лажәақәа рыла, Қырттәыла ахада лусзура дахдырҟьоит.

„Хәымз раԥхьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили абра дгыланы, лтәыла Европатәи аԥеиԥш лыхьчон. Қырҭтәыла анапхгара зыҟаҵара аҭахым аус ауп ахада Зурабишвили иҟалҵо. Лара лтәылеи Евроеидгылеи рзааигәахара дашьцылоуп. Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии лыжәлари рхы инаркны ршьапаҟынӡа европауаа роуп, лара аконституциа 78-тәи ахәҭаҷ лыхьчоит – “Европатәи ахеилаки Атлантикаҩадатәи аиқәшаҳаҭра Ахеиҿкаареи рышҟа инагӡаны Қырҭтәыла аинтеграциазы, аконституциатә органқәа иақәнагоу аусеиҿкаарақәа мҩаԥыргароуп русқәҵара аҳәаақәа ирҭакӡаны”. Апроаупыс напгара, аолигарх ичинуаа Қырттәыла ахада лусзура дахдырҟьоит. Ашәшьыратә режим аҿаԥхьа Қырҭтәыла ауааԥсыра 80 наӡына аанҳажьуам, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара хымԥада алалоит”, – илҳәеит Крамон.