Виола фон Крамон – Ҳара уажәы Қырҭтәыла акандидат астатус злаҳҭаша компромисск ҳаҧшаароуп, ари атәыла аҳәарақәа зегьы нанамгӡар астатус аҧыхразы хархәагак ҳамазарц азыҳәан
Виола фон Крамон – Ҳара уажәы Қырҭтәыла акандидат астатус злаҳҭаша компромисск ҳаҧшаароуп, ари атәыла аҳәарақәа зегьы нанамгӡар астатус аҧыхразы хархәагак ҳамазарц азыҳәан

«Хара имгакәа Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит,  аха, ҳара ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит», — илҳәеит Европарламент алахәыла Виола фон Крамон  «Қырҭтәыла арадио» иалҭаз аинтервиу аҿы.

Виола фон Крамон Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Мишель ишиҳәаз ала, Евроеидгыла  2030 шықәсазы атәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиазароуп.

Фон Крамон ишылҳәаз ала, бжьышықәса рышьҭахь Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар, уи даараӡа ибзиахоит, аха,  10 шықәсатәи аҿҳәара иаҳа иреалуп ҳәа лгәы иаанагоит.

«Евроеидгыла ирццакны алаларазы ахархәага иҟам. Евроеидгыла аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ирласны ари аиҿкаара иалалеит Финлиандиа. Ари атәыла Евроеидгыла алаларазы  3,5 шықәса мацара аҭаххеит, дара аҳәарақәа зегьы  нарыгӡеит, аха, уезгьы алалара апроцесс  3,5 шықәса инагӡахеит.  Нас, шәазхәыц, Қырҭтәыла, Молдова, Украина, Мраҭашәаратә Балканқәа уҳәа,  аинститутқәа ахьмаҷу, Евроеидгыза азакәанҧҵара азааигәахара зцәыуадаҩу абарҭ атәылақәа  аамҭа кьаҿ иалагӡаны уи зларылшо.  Араҟа аусура ду мҩаҧгатәуп. Ҳара бжьышықәса рыла уи ҳалшар, даараӡа ибзиахоит. Аха, 10 шықәсатәи аҿҳәара иаҳа иреалуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Шарль Мишель бжьышықәса азхоит ҳәа иҳәеит, аха, ари апроцесс иаҳа акыраамҭа инагӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит.

Қырҭтәыла Евроеидгыла 12 абжьагарақәа нанагӡароуп, аха, сгәы ишаанаго ала, уажәы Қырҭтәыла акандидат астатус злаҳҭаша компромисск ҳаҧшаароуп, ари атәыла аҳәарақәа зегьы нанамгӡар астатус аҧыхразы хархәагак ҳамазарц азыҳәан. Усҟан, ҳара 2-3 шықәса аусура ҳалшоит. Аҳәарақәа нарымгӡар, астатус аҧыхра ҳалшоит. Уажәазы Евроеидгыла аиқәшаҳаҭраҿы абри аҩыза ахәҭаҷ иҟам, аха уи злаҟаҳҵаша ҳаӡбароуп», — илҳәеит  Виола фон Крамон.