Виктор Орбан  Иракли Ҕарибашвили  аусуратә уаххьаҿы дидикылеит
Виктор Орбан  Иракли Ҕарибашвили  аусуратә уаххьаҿы дидикылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр   Иракли  Ҕарибашвили аофициалтә визитла  Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт дыҟоуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбан  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә уаххьаҿы дидикылеит.

Аколлегацәа Қырҭтәылеи Венгриеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиеи аусеицура арҭбаареи  иалацәажәеит.