Виачеслав  Володин -  Вашингтони НАТО аҳәынҭқаррақәеи аҭынчратә ақалақьқәа раахареи ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи азы ахархәара зауша абџьар Украина иарҭар, ҳара аҭак ҟаҳҵоит  —    иаҳа иҕәҕәоу абџьар ҳхы иаҳархәоит

Урыстәыла  аҳәынҭқарратә Дума  аспикер  Виачеслав Володин  Telegram-канал аҿы ишиҩыз ала,  Мраҭашәара  ала Украина абџьар аҭара алҵшәа цәгьақәа ахылҵыр ауеит.

«Вашингтони НАТО аҳәынҭқаррақәеи аҭынчратә ақалақьқәа раахареи ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи азы ахархәара зауша абџьар Украина иарҭар, ҳара аҭак ҟаҳҵоит  —    иаҳа иҕәҕәоу абџьар ҳхы иаҳархәоит», — иҩит  Володин.

Дума аспикер иҳәамҭала, Вашингтони Бруссели  адунеи зегьы адунеитә еибашьра цәгьа аҭанаргылоит, аҳәаанырцәтәи алидерцәа ибианы еилыркаароуп абри зегьы аглобалтә рыцҳара дуи рҳәынҭқаррақәа рырбгареи ала ихыркәшахар шыҟало.

«Аиадертә ҳәынҭқаррақәа алокалтә аимакқәа рҿы амассатә ақәхратә бџьар рхы иадмырхәацт ҳәа  излацәажәо  аргументқәа амч рымам, избанзар, арҭ аҳәынҭқаррақәа  рхатә шәарҭадареи рҵакырадгьылтә акзаареи иадҳәалоу ашәарҭара  иҭагыламызт», — иҳәеит  Володин.