Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп

Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп, – ари аинфорпациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  ҩыџьа ҭахеит,  бжьҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Аҭыҧаҿ аиқәырхаҩцәа аус руеит.

Украинатәи арратә маҵзуҩцәа рҳәамҭала,  иаха Одесса ахырхарҭала Урыстәылантә идәықәҵаз  апилот зызмам аҧырратә аппаратқәа  8 рҟынтә 7 карыжьит.

Украина Арратә штаб хада аинформациала,  аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла афронтаҿ  82 арратә аиҿагыларақәа ҟалеит.