Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет
Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет – украинатәи амедиа адыррала, ари атәы ааицҳаит амилаҭтә гвардиа 4-тәи аоперативтә бригада аполковник Сергеи Сидорин.

Украинатәи ар ахаҭарнак ишиҳәаз ала, аурыс арбџьармчқәа Бахмуҭ  ахырхарҭала ажәылара иаҿуп.

„Зегьы реиҳа аҭагылазаашьа цәгьоуп аиланхарҭақәа Ивановскоеи Богдановкеи рҿы,  аҕа ари аҵакырадгьыл хәҭак агара илшеит. Аурыс арбџьармчқәа аҭынчуаа ахьыҟоу аиланхарҭақәагьы ирылахысуеит, арезерв дуи аибыҭара рацәеи рымоуп“, – иҳәеит Сергеи Сидорин.