Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  24ҩык рҟынӡа
Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  24ҩык рҟынӡа

Украина ала урыстәылатәи ақалақь Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 24ҩык рҟынӡа, ари атәы ааицҳаит Белгород агубернатор Виачеслав Гладков.

«Украина арбџьармчқәа рыла Белгород алахысра аан иҭахеит 24ҩык,  108ҩык ахәрақәа роуит. Аҳақьымцәа арҭ ауаа ирылшо ала ирыцхраауеит», — иҳәеит  Гладков.

Агубернатор иҳәамҭала,  37 анхарҭатә ҩнқәеи, 453 ауадақәеи,  хазхаҭалатәи 3 ҩныки,  7 усбарҭаки аҧхасҭа роуит.

«Азарал аилкааразы аусурақәа инагӡоит», — иҳәеит  Гладков.