Венгриа бџьаршьҭыхлатәи аарҳәра ахарадҵарала 11-ҩык аанкылоуп
Венгриа бџьаршьҭыхлатәи аарҳәра ахарадҵарала 11-ҩык аанкылоуп

Венгриатәи аполициа бџьаршьҭыхлатәи аарҳәра ахарадҵарала 11-ҩык ааннакылеит.

Ареид атәыла 10 ҭыԥ рҿы аамҭакала мҩаԥган. Аоперациа ҷыда иалахәун 150-ҩык аофицрцәа.

Аимдараан иԥшан абџьар, аџьаԥҳаны, апневматикатә бџьар, агәыԥ “Скифтәи Венгриа” иадҳәалоу адокументқәа.

Ҵыԥх, абҵаразы асоциалтә каҭаҿы аларҵәара аиуит авидеонҵамҭа, уи “Скифтәи Венгриа” ашьаҭаркреи зхы иақәиҭу арратә гәыԥқәа бџьарла реибыҭареи, аиҳабыра алахәылацәа раанкылареи, аполициеи ари абџьар рымхреи иазкын.