Венгриа ахада иӡбарала, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аҳәынҭқарратә анашьамҭа  «Венгриа ахьӡ-аԥша азы аорден Акомандор иџьар» ланашьоуп
Венгриа ахада иӡбарала, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аҳәынҭқарратә анашьамҭа  «Венгриа ахьӡ-аԥша азы аорден Акомандор иџьар» ланашьоуп

Венгриа ахада Тамаш Шуиок иӡбарала, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аҳәынҭқарратә анашьамҭа  «Венгриа ахьӡ-аԥша азы аорден Акомандор иџьар» ланашьоуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, анашьамҭаҭара аофициалтә церемониа мҩаҧган Венгриа Адәныҟатәи аусқәеи ахәаахәҭреи рзы аминистрраҿы.

Қырҭтыла ацҳаражәҳәаҩ анашьамҭа лылҭеит Венгриа Адәныҟатәи аусқәеи ахәаахәҭреи рзы аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Богларка Илеш.

Ҭамар Лилуашвили  Венгриа анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәет анашьамҭа ду ланашьареи  Қырҭтәыла адгылареи азыҳәан.