Венгриа аҧыза-министр иханаҿ Қырҭтәыла аҧыза-министр иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аиҳабыратә делегациа Венгриа аофициалтә рвизит иалагеит. Венгриа аҧыза-министр иханаҿ аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан ақырҭуа коллегацәа идикылеит. Инагӡан ҩ-тәылак рхьыӡрашәақәа. Қырҭтәылеи Венгриеи рҧыза-министрцәа реиҳабырақәа рылахәылацәа еибадырдырит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Кобахиӡеи Виктор Орбани ишиашо аиҧылара мҩаҧыргоит. Ҩ-ганктәи аформатаҿ аиҧылара ашьҭахь, ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа рҽалархәрала аиҿцәажәарақәа нагӡахоит, анеҩс, Қырҭтәыла-Венгриатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧысуеит.
Акомиссиа аилатәара ашьҭахь Қырҭтәылеи Венгриеи рҧыза-министрцәа апрессконференциа еицымҩаҧыргоит.