Вахтанг Гомелаури Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу 23-ҩык хабарда ибжьаӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан
Вахтанг Гомелаури Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу 23-ҩык хабарда ибжьаӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан

Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистр Вахтанг Гомелаурии Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии аиҳабыра алахәылацәа дрыцны, импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи рпанихидаҿ дыҟан.

Вахтанг Гомелаури Самеба акафедралтә ныхабаашҟа днеины, иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәан, руацәа дрыдашшылеит.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати  Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети  русеицура ала,  1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьреи 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьареи раан  хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьаӡа акәны аҧсыбақәа ҧшааны ииаргеит 2013 шықәсазы. Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы зынӡа иҧшааны ииагоуп 604ҩык рыҧсыбаҩқәа, урҭ рҟынтә 288ҩык рыхьӡқәа еилкаауп.