Вато Шақаришвили -  Қырҭтәыла аргама акаҳҧра аарҧшра ҳзақәшаҳаҭхом
Вато Шақаришвили -  Қырҭтәыла аргама акаҳҧра аарҧшра ҳзақәшаҳаҭхом

Қырҭтәыла аргама акаҳҧра аарҧшра ҳзақәшаҳаҭхом, — иҳеит  ауаажәларратә ҵысра «Раҧхьа иргыланы – Қырҭтәыла»  ашьаҭаркҩы Вато Шақаришвили.

Иара иажәақәа рыла,  «Қарҭтәи ипподром амаҵзура» адиректор иҳәеит  ари аҵакырадгьылаҿ   Праид-фестиваль амҩаҧгара ишақәшаҳаҭым, аха, акгьы илымшеит, избанзар даараӡа иқәыҕәҕәон.

«Аҳәаанырцәынтә ақәыҕәҕәара ду иҟоуп. Иахьа агентратә аҳеи Қырҭтәыла ахадеи аҳәамҭақәа ҟарҵеит, даргьы афестиваль  «Праид» амҩаҧгара иадгылоит. Аҭагылазаашьа абасоуп ишыҟоу  —  ганкаҿ Қырҭтәыла аҕацәа гылоуп, аха, абра ақырҭуа жәлар гылоуп, ҳажәлар рпозициа ҕәҕәоуп,  ақырҭуа жәлар, еидгыланы,  ҭынч иаҭаху зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла аргама  ЛГБТ-фестиваль мҩаҧымсырц азыҳәан», — сказал Вато Шақаришвили.

Қарҭтәи ипподром акционерцәа иреиу Маиа  Табаҕуа асоциалтә аҳаҿы илҩит  ашәарҭадаратә мзызқәа рымшала, аилахәыра, ахатә аҵакырадгьылаҿ   Pride Festival  амҩаҧгара ишақәшаҳаҭымхо.