Ватикан аинформациала, Папа Римтәи Франциск наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит 250 000-ҩык раҟара
Ватикан аинформациала, Папа Римтәи Франциск наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит 250 000-ҩык раҟара

Рим, иԥшьоу Пиотр иныхабааҿ Папа Римтәи Франциск наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа мҩаԥган. Ватикан аинформациала, мшаԥы 21 рзы, 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара иалҵыз апонтифик наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит 250 000-ҩык раҟара. Аныхабаа хымш иаартын.

Асааҭ 19:00 рзы ашәқәа адыркын, иҭацәыз ауахәамаҿ акәыба аркра ацеремониа мҩаԥган. Атрадициа инақәыршәаны, Папа Римтәи ихаҿы абырфынтә касы шкәакәа ақәыршәан.

Апонтифик анышә дарҭоит мшаԥы 26 рзы. Папа иаанижьыз ауасиаҭ ала, уи анышә дарҭоит Рим агәҭаны иҟоу Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ.

Папа Римтәи инышә аҭара ацеремониа аҽалархәразы Рим иаҭаауеит 150 жәларбжьаратә делегациақәа. Асасцәа иреиуп ЕАШ ахада Дональд Трампи Меланиа Трампи, апринц Уилиам, Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер, аканцлер Олаф Шольц, Европатәи акомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиен, Франциа ахада Еммануэль Макрон. Украина ахада Володимир Зеленски Рим дзымнеир ҟалап.