Вашингтонтәи акорреспондент Алеқс Рауфоглу – Хҩык асенаторцәа акт MEGOBARI адкылара иақәшаҳаҭым
Вашингтон аус зуа акорреспондент Алеқс Рауфоглу ишааицҳаз ала, хҩык асенаторцәа акт MEGOBARI адкылара иақәшаҳаҭым.
Рауфоглу асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, арҭ асенаторцәа роуп Марквеине Маллинеи, Маике Лии, Рене Полеи.
«Акт MEGOBARI — зҵакы дуу ҩ-партиактәи азакәанпроектуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Путин иҳәатәы иацныҟәо арежим асанкциақәа рзышьақәыргылареи Қырҭтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш адгылареи. Хҩык асенаторцәа — Марквеин Маллини, Маик Лии, Рен Поли ари азакәанпроект адкылара иақәшаҳаҭым. Сара зҵаара заҵәык сымоуп — избан? Ахаҭарнакратә Палатеи Сенат жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомитети зҵакы дуу ари апроект иадгылеит», — иҩит Алеқс Рауфоглу.
Азакәанпроект MEGOBARI ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла иҳараку ачынуаа асанкциақәеи авизатә аҧкрақәеи рзышьақәыргылара. Аофициалла ари азакәанпроект иахьӡуп: «Китаи акоммунисттә партиеи, ирантәи арежими, Урыстәылатәи афедерациеи Қырҭтәылазы ирымоу анырра аҿагылара».