«Арадио Ахақәиҭра» - Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Сенат акомитет акт  MEGOBARI иадгылеит
«Арадио Ахақәиҭра» - Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Сенат акомитет акт  MEGOBARI иадгылеит

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Сенат акомитет акт  MEGOBARI иадгылеит, — аанацҳаит  «Арадио Ахақәиҭра».

Азакәан амч аиурц азыҳәан, уи Америка Конгресс аҩ-палатак ркомитетқәа, анеҩс – апалатақәа реилазаара наӡа иақәшаҳаҭхароуп.

Иахьа  акт MEGOBARI, иарку арежимаҿ иахәаҧшуан жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәа рзы Сенат акомитетаҿ.

Акт MEGOBARI ала изаҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла амаҵзуратә хаҿқәа асанкциақәеи авизатә аҧкрақәеи  рзышьақәыргылара. Акт аҿы иарбоуп абарҭ аҭагылазаашьақәа:

  • Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра, ацхырааратә программақәагьы инрылаҵаны;
  • ақырҭуа жәлар Қырҭтәыла Аконституциаҿы иазгәаҭоу евроатлантикатә интеграциа иазаадырҧшуа адгылара азхаҵара;
  • Америка ахада аҳәара изықәыргылара евроатлантикатә интеграциа аҟынтә ахьаҵреи, атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аҧырхагахареи, Қырҭтәыла аҭышәынтәалара иаҧырхагоу акоррупциатә ауранагӡареи иалахәы  «Ақырҭуа гәахәтәы» аофициалтә хаҿқәеи урҭ рыдгылаҩцәеи  асанкциақәа рзышьақәыргыларазы;
  • Қырҭтәыла, ахатә конституциатә ҧхықәрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  аусура нанагӡар, ажәларқәа рыбжьара аимадарақәеи  ахыхьчара аусхкы аҿы аусеицуреи арҕәҕәара;
  • Урыстәыла аган аҟынтә инагӡо  азакәандаратә ампыҵахалара аан Қырҭтәыла ахьыҧшымра наӡеи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара;
  • «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара рыла цәгьашақә амчра ахархәара аҟынтә ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла Аконституциеи зыхьчо атәылауаҩратә уаажәларра рыдгылара».