Варлам Голеҭиани – Лаҵара 23 рзы Қарҭ акциа мҩаҧаагоит  
Варлам Голеҭиани – Лаҵара 23 рзы Қарҭ акциа мҩаҧаагоит  

 

«Лаҵара 23 рзы Қарҭ акциа мҩаҧаагоит», —  иҳәеит Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу акциақәа еиҿызкаауа Варалам Голеҭиани.

Иара иажәақәа рыла, иахьа асааҭ  16:00 рзы, атәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы амитингқәа мҩаҧысуеит, лаҵара 23 рзы аҳҭнықалақь аҿы зымҽхак дуу акциа амҩаҧгара ргәы иҭоуп.

«Зымҽхак дуу амитинг мҩаҧаагаратәы уаанӡа аус знаргаз  сзеилкаауам. Ҳара ари азҵаара адиалог аформат аҿы аӡбара еиҕьаҳшьуеит, аха, аиҳабыра, даҽа хырхарҭак ала ҳаргар рҭахуп.  Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара цқьа иҭҵааны, аинформациа наӡа ҳаур рҭахым. Уи убарҭоуп иахьа иҟарҵаз аҳәамҭа алагьы.  Убри аҟынтә, ажәлар еидгыланы, дара рхала абри апроблема аҭыҧ иқәырҵароуп», — иҳәеит Варлам Голеҭиани.

Иахьа аиҳабыра, Намахвантәи ГЕС аргылара апроект иадҳәаланы, аӡбарақәак рыдыркылеит.