Варлам Голеҭиани – Иахьа ҳара Қарҭ ҳақәҵуеит, аха  иаҭаххар, ҳаиҭааны, абра ақәҧара наҳагӡоит
Варлам Голеҭиани – Иахьа ҳара Қарҭ ҳақәҵуеит, аха  иаҭаххар, ҳаиҭааны, абра ақәҧара наҳагӡоит

Намахвани ГЕС аргылара иаҿагылоу амитинг аиҿкааҩцәа иреиу Варлам Голеҭиани ишиҳәаз ала, иахьа акциа алахәылацәа Қарҭынтә Риони аҧсҭҳәашҟа ихынҳәуеит, аха уи иаанагом Қарҭ уаҳа амитингқәа мҩаҧыргом ҳәа.

Голеҭиани иҳәамҭала,  ауаажәларратә усхәаҧштә иаҵанакәа азҵаарақәа зегьы ажәлар ирыӡбароуп.

«Ҳара ауаажәлар даҽазнык ҳабжьы дҳарҳарц азоуп абрахь ҳзааиз, избанзар аброуп ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара ахьыҟоу», — иҳәеит Варлам Голеҭиани.

Намахвани ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә иаҳәоит аилахәыра  «Enka» аҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхреи, абри аилахәыра Риони аҧсҭҳәа аҟынтә алгареи, аенергетикатә сектор аҿы аморатори алаҳәареи.