Валери Залужни - Урыстәыла мацара акәымкәа, Америкагьы адунеитә аиҿкаара арбгара иаҿуп
Британиа Ду иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ, Украина арбџьармчқәа ҧасатәи рнапхгаҩы Валери Залужни иҳәамҭала, Урыстәыла мацара акәымкәа, Америкагьы адунеитә аиҿкаара арбгара иаҿуп.
Залужни ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьратәи аизыҟазаашьақәа аҳратә институтаҿ данықәгылоз.
«Урыстәыла мацара акәӡам адунеитә аиҿкаара аиҭахәаҧшра зҽазызкыз. Америкагьы адунеитә аиҿкаара арбгара иазҿлымҳауп. Лабҿаба иубарҭаоуп Вашингтон мраҭашәаратә дунеи акзаара агәра шырымго. Уажәы Вашингтон ашәарҭадара азҵаарақәа зегьы Европа анапы ианырҵар рҭахуп, Америка аҽалархәрада.
Лабҿаба иубарҭоуп Вашингтон урыстәылатәи агрессиа ишазхарымҵо, уигьы Украина мацараз акәымкәа, Европазгьы апроблема ҿыцуп. Уажәшьҭа цқьа еилаҳкаароуп Урыстәыла мацара шакәым адунеитә аиҿкаара еилазго, Америкагьы адунеитә аиҿкаара арбгара иаҿуп», — иҳәеит Валери Залужни.