Тедрос Аданом Гебреисус - Апандемиа ҵыхәаԥҵәара макьана иамам
Тедрос Аданом Гебреисус - Апандемиа ҵыхәаԥҵәара макьана иамам

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи еиҿкаара адиректор хада Тедрос Аданом Гебреисус иажәақәа рыла, апандемиа ҵыхәаԥҵәара макьана амам. Агентра “Роитер” адыррақәа рыла, ари атәы уи Женева имҩаԥгаз абрифинг аҿы ааицҳаит.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи еиҿкаара адиректор хада  акоронавирус азы алаҵа аизшара азҵаара дазааҭгылеит.

“Ҳазҭагылоу амчыбжь азы акоронавирус аизшара аганахьала аиҟараар аҵак ду шамоу азҵааразы аҭыԥ аман зымҽхак ҭбаау аконсенсусж. Апандемиа иалаӡит 3.5 миллионҩык, аглобалтә економика 2 триллион доллар иаҟароу азарал амоуп, аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны иаҳҳәарц ҳалшоит апандемиа ҵыхәаԥҵәара макьана иамам ҳәа,” – иҳәеит Тедрос Аданом Гебреисус.