Тедрос Аданом Гебреисус -  Covid-19 апандемиа хыркәшазароуп  2022 шықәсазы
Тедрос Аданом Гебреисус -  Covid-19 апандемиа хыркәшазароуп  2022 шықәсазы

«Covid-19 апандемиа хыркәшазароуп  2022 шықәсазы», — иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебреисус, иара иҳәамҭа аланарҵәеит аҭыжьымҭа  Politico.

«2022 шықәсазы  Covid-19 апандемиа хыркәшазароуп, избанзар, ҩышықәса ҵуеит ҳара абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳаҟоужьҭеи, авирус ибзианы иҭаҳҵааит, уи аҿагыларазы ахархәагақәа зегьы ҳамоуп», — иҳәеит  Гебреисус.

Иара иажәақәа рыла, 2022 шықәса актәи азбжазы адунеи аҿы зықәра наӡоу ауааҧсыра зегьы алаҵақәа рзыҟаҵаразы иазхаша авакцинақәа иҟоуп, ҷыдала ашәарҭара иҭагыло ауааҧсыра абустертә дозақәагьы рзыҟарҵоит.

«Ҳара адунеи  ауааҧсыра зегьы авакцинақәа рзыҟаҳамҵар,  апандемиа аҵыхәҧҵәара ҳалшом ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Тедрос Аданом Гебреисус.