Цхвариҷамиа иҟалаз ауаҩшьразы иаанкылоу ааҩык заанаҵтәи аҭакра рықәҵоуп
Цхвариҷамиа иҟалаз ауаҩшьразы иаанкылоу ааҩык заанаҵтәи аҭакра рықәҵоуп

Мцхеҭатәи араионтә аӡбарҭа аӡбамҭа ала, Цхвариҷамиа  20 шықәса зхыҵуаз  Мириан Кукава ишьразы иаанкылоу ааҩык занаҵтәи аҭакра рықәҵоуп.

Аӡбаҩ апрокуратура азыҳәара дақәшаҳаҭхеит.

Қырҭтәыла апрокуратра Цхвариҷамиа аҭыԥ змаз гәҭакылатәи ауаҩшьреи амбжьахреи рфакт азы аӡәы, иара убас ацәгьаура аҵәахреи амбжьахреи рфкт азы бжьҩык иацы ахара рықәнаҵеит.

Рашәара 28 рзы Цхвариҷамиа ақыҭаҿ амшираҿ еизаз ақәыԥшцәа аимак рыбжьалет. Еиҿагылаз аганқәа еицәҳан, еисит. Урҭ дреиуан гәҭакылатәи ауаҩшьразы иаанкылоу Давид Џьиџьеишьвили. Аисраан уи  20 шықәса зхыҵуаз  Мириан Кукава ҳәызбала дихәит. Ахәышәтәырҭахь днаргаанӡа, ихәыз Мириан Кукава иԥсҭазаара далҵит. Ахара зду ахаҿы дыбналеит, аполициа аусуҩцәа уи жәацы дааныркылеит.