Суданынтә америкатә дипломатцәеи рҭаацәарақәеи ревакуациа мҩаҧган
Суданынтә америкатә дипломатцәеи рҭаацәарақәеи ревакуациа мҩаҧган

Судан ахысбжьы гоит,  аҧжәарақәа инагӡоит. Аҳҭнықалакаҿ ауааҧсыра реиҳара афымци аӡыржәтәи рымам. Сааҭқәак раҧхьа Суданынтә америкатә дипломатцәеи рҭаацәарақәеи ревакуациа мҩаҧган. Ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит Америка ахада Џьо Баиден.

Аларҵәара зауз аинформациала, Судан иҟаз  100ҩык раҟара Америка атәылауаа атәыла иалыргеит х-гежьҧрыгак рыла.

Судан аҳҭнықалақьаҿ атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ   „Адгылара лас амчқәеи“ рыбжьара аиҿагылара иалагеит иҳаҩсыз амчыбжь азы.