Судан арбџьармчқәеи арратә гәыҧи 72 сааҭ рыла амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит
Судан арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» 72 сааҭ рыла амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Амца аанкылара арежим амч амазаауеит Курбан-баирам анҵәамҭанӡа. Ари атәы аанацҳаит «Аль-Џьазира».
Аларҵара зауз аинформациа ала, зыӡбахы ҳәоу аамҭа иалагӡаны атәылауаа ревакуациазы агуманитартә корридорқәа аартызаауеит.
Судан атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» рыбжьара мшаҧы 15 рзы иалагаз аиҿагылара уажәгьы инагӡоит.
ВВС адыррала, иҭахеит 200ҩык раҟара. Судан аҳҭнықалақьаҿ афатәи аӡыржәтәи рызхом.