Свиатослав Вакарчук – Ақырҭуа жәлар иаҳзыҟашәҵо зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, шәра аҩыза гәакьақәа шәоуп, ҳаидгыланы аиааира ҳгоит
Свиатослав Вакарчук – Ақырҭуа жәлар иаҳзыҟашәҵо зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, шәра аҩыза гәакьақәа шәоуп, ҳаидгыланы аиааира ҳгоит

Украинатәи ашәаҳәаҩ Свиатослав Вакарчук  Украинаҟа адәықәҵаразы агуманитартә аидара еизызгоз ақырҭуа волонтиорцәа дырҧылеит.

Арок-гәыҧ  «Аокеан Ельзи» асолист аволонтиорцәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуаа рҟынтә адгылара ҕәҕәа шыҟоу ибоит.

Аиҧылара ашьҭахь  Свиатослав Вакарчук асасааирҭашҟа днеины, украинатәи ахҵәацәа дырҧылеит.

«Хара имгакәа ақырҭуа-украинатәи центр ахьаадыртуа ахыбраҿы аҟазаара сара сзы ҳаҭыр дууп.  Ари аҭыҧаҿы аволонтиорцәа украинаа рзы агуманитартә цхыраара еизыргон.  Абраҟа, ақырҭуааи украинааи еидгыланы, ирылшо зегьы ҟарҵоит аибашьра иаҿу украинаа ирыцхраарц азыҳәан. Уи анызба даараӡа сгәы иаахәеит. Арҭ ауаа иҟарҵо зегьы азы сраҭабууп. Ақырҭуа жәлар иаҳзыҟашәҵо зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, шәра шәҩызцәа гәакьацәоуп, ҳаидгыланы аиааира ҳгоит», — иҳәеит  Свиатослав Вакарчук.

Қарҭ, хымз рыҩныҵқа Украиназы агуманитартә аидара ахьеизыргоз Ҧалиашвили имҩаҩа  60 аҿы украинатәи акультуратә центр ашьаҭаркра ргәы иҭоуп.