Стивен Дауҭи – Ақырҭуа напхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит аиҟәыҭхаратә политика мап ацәыркырц, Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа саҭабууп ақырҭуа жәлар рзинқәа рыхьчаразы зҵакы дуу аусура амҩаҧгаразы
Стивен Дауҭи – Ақырҭуа напхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит аиҟәыҭхаратә политика мап ацәыркырц, Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа саҭабууп ақырҭуа жәлар рзинқәа рыхьчаразы зҵакы дуу аусура амҩаҧгаразы

Европеи, Аҩадатәи Америкеи, Британиа Ду амшынтә ҵакырадгьылқәеи рызҵаарақәа рзы аминистр  Стивен Дауҭи Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа адиныҳәалеит апремиа  «Адемократиа ахьчаҩ» аиура. Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа ари апремиа анаршьеит Британиа Дуи ОБСЕ аҟынтә апартниорцәеи. Ари атәы иануп Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз Дауҭи иҳәамҭаҿы.

«Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа  апремиа  «Адемократиа ахьчаҩ» аиура  адысныҳәалоит. Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа ари апремиа анаршьеит Британиа Дуи ОБСЕ аҟынтә апартниорцәеи. Зыӡбахәы ҳәоу ассоциациа арепрессивтә закәанқәа рымшала ҧырхга ду зауз Қырҭтәыла азинхьчаҩцәеи атәылауаҩратә аиҿкаарақәеи даараӡа ирыцхраауеит.

Адемократиа мап ацәкреи, ауаа рбаандаҩтәреи, апротестантцәеи аполитикцәеи ажурналистцәеи рганахьала амчылареи ашьҭахьгьы,  «Ақырҭуа гәахәтәы» европатәи амҩа азыхынҳәреи рхатә алхыҩцәа рдемократиатә гәазыҳәара анагӡареи ргәы иҭам.

Сара ақырҭуа напхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит аиҟәыҭхаратә политика мап ацәыркырц, Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа саҭабууп ақырҭуа жәлар рзинқәа рыхьчаразы зҵакы дуу аусура амҩаҧгаразы», — иануп аҳәамҭаҿы.