Сосо Гогашвили 3 пункт рыла ахара идырҵеит  
Сосо Гогашвили 3 пункт рыла ахара идырҵеит  

Аҳәынҭқарратә шәарҭада амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы  Сосо Гогашвили 3 пункт рыла ахара идырҵеит. Адукатцәа рҳәамҭала, Сосо Гогашвили ахара идырҵеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхагаҩы ихаҭыҧуаҩс иусура иадҳәалоу 3 пункт рыла.

Дара ражәақәа рыла, актәи апункт ҩыџьа ахаҿқәа рхатә дыррақәа закәандарала раиуреи, рыҵәахреи, раларҵәареи иазкуп. Аҩбатәи аепизод  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә аҳәынҭқарратә амаӡа злоу адыррақәа рҭыгара иадҳәалоуп. Ахҧатәи  — 5 цырак амцабџьар закәандарала аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи иадҳәалоуп.