Словакиа  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа алхрақәа азханаҵом
Словакиа  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа алхрақәа азханаҵом

Словакиа  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧысуа алхрақәа азханаҵом. Асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит Словакиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мартин Клиус.

«Ҳпозициа еилкаауп: Словакиа  мшаҧы 10 рзы Қырҭтәыла асепаратисттә регион Аахыҵ Уаҧстәылаҿ   имҩаҧысуа алхрақәа азханаҵом.  Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — иҩит Мартин Клиус.

Урыстәыла ала имҧыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы иахьа апрезиденттә алхрақәа мҩаҧысуеит.