Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Цхинвалтәи арегион закәандарала импыҵахаланы ианыҟоу аамҭазы  уаҟа имҩаҧгоу алхрақәа иазхаҳҵом
Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Цхинвалтәи арегион закәандарала импыҵахаланы ианыҟоу аамҭазы уаҟа имҩаҧгоу алхрақәа иазхаҳҵом

Литва Цхинвалтәи арегион закәандарала импыҵахаланы ианыҟоу аамҭазы уаҟа имҩаҧгоу алхрақәа иазханаҵом, — иануп Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аҳәамҭаҿы.

«Литва зыӡбахә ҳәоу апрезиденттә алхрақәа иазханаҵом, избанзар зыӡбахәы ҳәоу қырҭтәылатәи Цхинвалтәи арегион /Аахыҵ Уаҧстәыла Урыстәыла ала закәандарала импыҵахалоуп. Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит», — иануп Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы апрезиденттә алхрақәа мҩаҧысуеит.