Сильвиу Доменте – Шықәсык анҵы, ҳара гәахәарала иаҳҳәар ҳалшоит ареформа  DRG қәҿиарала ишымҩаҧысыз, алҵшәа бзиа шахылҵыз
Сильвиу Доменте – Шықәсык анҵы, ҳара гәахәарала иаҳҳәар ҳалшоит ареформа  DRG қәҿиарала ишымҩаҧысыз, алҵшәа бзиа шахылҵыз

«Шықәсык анҵы, ҳара гәахәарала иаҳҳәар ҳалшоит ареформа  DRG қәҿиарала ишымҩаҧысыз, алҵшәа бзиа шахылҵыз», —  иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ақырҭуа хаҭарнакра анапхгаҩы Сильвиу Доменте ареформа  DRG  = Қырҭтәыла амедицинатә усбарҭақәа рфинансыркра даналацәажәоз.

Сильвиу Доменте иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ареформа аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла Қырҭтәыла агәабзиарахьчара асистемаҿы имҩаҧгаз ареформақәа зегьы иреиҕьуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала,  Қырҭтәыла амодель DRG  апланшьҭыхреи аларҵәареи апроцесс активла иалахәын Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аекспертцәа.

«Амедицинатә усбарҭақәа рфинансыркра амодель  DRG Қырҭтәыла аларҵәара аиуит  2022 шықәса абҵаразы. Апациентцәа иршәараны иҟоу ахәҭа шықәсыкала хынтә имаҷхеит  —  27% инаркны  10%-нӡа», — ирҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.