„Сибиес ниус“ адыррала, амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Трамп ибжьагаҩ Маикл Уолци уи ихаҭыҧуаҩи рнапынҵақәа шьҭарҵеит
„Сибиес ниус“ адыррала, амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Трамп ибжьагаҩ Маикл Уолци уи ихаҭыҧуаҩи рнапынҵақәа шьҭарҵеит

Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Трамп ибжьагаҩ Маикл Уолци уи ихаҭыҧуаҩ Алеқс Уонги рнапынҵақәа шьҭарҵеит, – ари аинформациа аланарҵәеит „Сибиес ниус“.

Аинформациа инақәыршәаны, хара имгакәа Уолци уи ихаҭыҧуаҩи рнапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны аҳәамҭа ҟарҵар ҟалап.

Хәажәкыразы Уолц идҳәалаз азҵаара аҭыӡшәа ахылҵит. Иара  Signal ачат аҧиҵеит, аха, нас, машәырла, ари ачат далаирхәит  The Atlantic  ажурналист Џьефри Голдберг. Убри ала, Уолц, Иемен   „аҳуситцәа“ раахара аплан иазкны ашәарҭадара ачынуаа дуқәа реиҿцәажәара аргамаитәит.