Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәылеи Молдовеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи  ҳадгылоит
Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәылеи Молдовеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит

Қырҭтәылеи Молдовеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит, – иҳәеит Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр Тобиас Билстром Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалаҿ данықәгылоз.

Иара убас, Тобиас Билстром Украина даҽазнык адгылара ҕәҕәа азаарҧшны,  ишазгәеиҭаз ала,   урыстәылатәи агрессиа алҵшәақәа Украина аҳәаақәа ирҭыҵит,  ари агрессиа арегионаҿгьы адунеиаҿгьы алҵшәа цәгьақәа ахылҵит.

„Украинаа рхатә тәылеи,   Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахадаратә принципқәеи, азеиҧш шәарҭадареи ахьчара иазықәҧоит.  Урыстәылатәи агрессиа алҵшәақәа Украина аҳәаақәа ирҭыҵит,  ари агрессиа арегионаҿгьы адунеиаҿгьы алҵшәа цәгьақәа ахылҵит.  Ҳара, ҧасеиҧш, Қырҭтәылеи Молдовеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит“, – иҳәеит Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр.