Шереметиево аҳаирбаҕәазаҿы авиаамашәыр аан аахақәа зауз рҟынтә хҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп
Шереметиево аҳаирбаҕәазаҿы авиаамашәыр аан аахақәа зауз рҟынтә хҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп

Шереметиево аҳаирбаҕәазаҿы авиаамашәыр аан ахақәа зауз рҟынтә хҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Ари атәы аанацҳаит  Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра. Аминистрра адыррақәа рыла, аахақәа зауз ауааҧсыра еиуеиҧшым москватәи ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.

Лаҵара 5 рзы Шереметиево аҳаирбаҕәазаҿы апассажьыртә лаинер  „Сухои суперџьет 100“  амашәыр ахьын, аҳаирплан антәоз  41ҩык ҭахеит. Аҳаиплан иақәтәан  78ҩык ауааҧсыра.