«Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа» апассаџьыртә ҳаирплан Казахстан, Актау аҳаирбаҕәаза ааигәара икаҳаит, аҳаирплан иақәтәан  67ҩык
«Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа» апассаџьыртә ҳаирплан Казахстан, Актау аҳаирбаҕәаза ааигәара икаҳаит, аҳаирплан иақәтәан  67ҩык

«Азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа» апассаџьыртә ҳаирплан Казахстан, Актау аҳаирбаҕәаза ааигәара икаҳаит, аҳаирплан иақәтәан  67ҩык.

Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Аҭыҧантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аҳаирплан Бақәантә Грозни ақалақьахь иҧыруан. Аҳаирплан каҳаанӡа ашәарҭара адырга ҟаҵан.

Аинформациа инақәыршәаны, аҳаирплан иақәтәан  67ҩык,  62ҩык апассаџьырцәеи 5ҩык аекипаж алахәылацәеи.

Казахстан Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала,  ҧыҭҩык еиқәхеит. Аҭыҧаҿ амаҵзура ҷыдақәа аус руеит.