Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Шәамахьтәылантә Ашьхатә Ҟарабах ашҟа ихынҳәит 316-ҩык ахҵәацәа. Ахҵәацәа рырхынҳәра апроцесс урыстәылатәи аруаа иахылаԥшуеит. Ари атәы аарыцҳаит Шәамахьтәылатәи аих.
Ереван аҟынтә Сетепанакерт ахь ахҵәацәа автобусқәа рыла иаган. Аих ишаарыцҳаз ала, урсытәыоатәи аконтингент ахҵәацәа рырхынҳәра апроцес иахылаԥшуан.
Урыстәылатәи арратә маҵзуҩцәа 23 анаԥшратә пунктқәа рҿы ахымца аанкылара иазку еиқәшаҳаҭра анагӡара иахылаԥшуеит.
Аҭыԥантәи аих рдыррақәа рыла, Ашьхатә Ҟарбах ишҟа ихынҳәит 42000-ҩык рҟынӡа ахҵәацәа. Ахымца аанкылара иахку еиқәшаҳаҭра Урыстәылеи, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани абҵара 9 рзы рыбжьарҵеит.