Шалва Папуашвили - Брюссель  адемократиеи, азакәан ахадареи, асуверинитети пату рықәҵара иазыхынҳәроуп, избанзар, уи аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аиҿкаара ахадаратә принципқәа роуп
Шалва Папуашвили - Брюссель  адемократиеи, азакәан ахадареи, асуверинитети пату рықәҵара иазыхынҳәроуп, избанзар, уи аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аиҿкаара ахадаратә принципқәа роуп

«Брюссель  адемократиеи, азакәан ахадареи, асуверинитети пату рықәҵара иазыхынҳәроуп, избанзар, уи аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аиҿкаара ахадаратә принципқәа роуп», – иҩит Қырҭтәыла апарламент аспикер Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Папуашвили Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилии Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ  Анита Хиппери рҳәамҭақәа дрыхцәажәеит. Лымкаала, Саакашвили асоциалтә аҳаҿы иҩит — «Жьҭаара 4 рзы ҳара аманкуртцәа ррежим аҵыхәтәантәи азыӡба рықәара ашанс ҳауеит».  Анита Хиппер илҳәеит: «Евроеидгыла адәахьы идәылҵуа ауаа ирыдгылоит».

«Бриуссель ахадаратә принципқәа рцынхәрас аполитикатә интригақәа ирықәныҟәоит, убри азоуп Евроеидгыла абри аҩыза алахьеиқәҵаратә лабҿабаранӡа изнеиз. Брюссель  адемократиеи, азакәан ахадареи, асуверинитети пату рықәҵара иазыхынҳәроуп, избанзар, уи аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәгылаз жәларбжьаратәи аиҿкаара ахадаратә принципқәа роуп“, – иҩит  Папуашвили.