Шалва Наҭелашвили -  Давид Аҕмашенебелии   Томас  Џьефферсони рыҧсы ҭаларгьы, ҳара Мишель идокумент ҳнапы аҵааҩуам
Шалва Наҭелашвили -  Давид Аҕмашенебелии   Томас  Џьефферсони рыҧсы ҭаларгьы, ҳара Мишель идокумент ҳнапы аҵааҩуам

«Ҳәарада,  авизит аҵакы ду амоуп, аха аоппозициа рыхәҭак апарламент алалара иахымццакызҭгьы, абри аиҧылараҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара ҳалацәажәон, алхрақәа хымҧада имҩаҧысуан, аха, уажәы, егьырҭ азҵаарақәа рылацәажәара ҳақәшәоит», — иҳәеит  «Алеибористтә партиа» алидер Шалва Наҭелашвили Америка Аконгресс аделегациа Қырҭтәылаҟа рвизит данахцәажәоз.

Наҭелашвили ишазгәеиҭаз ала, иара ипартиа апарламент иалалараны иҟам, Шарль Мишель идокументгьы рнапы аҵарҩуам.

«Давид Аҕмашенебелии   Томас  Џьефферсони рыҧсы ҭаларгьы, ҳара Мишель идокумент ҳнапы аҵааҩуам, апарламентгьы ҳалалом.  Иванишвили ирежим аиқәырхара иазҿлымҳау Америка ацҳаражәҳәаҩ асенаторцәа сырҧыларатәы алшара сылымҭар, ҳәарада, сырҧылом.  Аха, сырҧылар, ирасҳәаша здыруеит», — иҳәеит Шалва Наҭелашвили.