Апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет алахәылацәа  Шалва Наҭелашвилии Леван Хабеишвилии рдепутаттә ҧхықәрақәа раанкылара иақәшаҳаҭхеит
Апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет алахәылацәа  Шалва Наҭелашвилии Леван Хабеишвилии рдепутаттә ҧхықәрақәа раанкылара иақәшаҳаҭхеит

Апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет алахәылацәа  Алеибористтә партиа алидер  Шалва Наҭелашвилии Амилаҭтә ҵысра алахәыла Леван Хабеишвилии рдепутаттә ҧхықәрақәа раанкылара иақәшаҳаҭхеит.

Акомитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвили ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу адепутатцәа  рмандат мап ацәыркын, амандат аҧыхразы арзаҳалқәа аларҵеит.

Акомитет аӡбара иахәаҧшуеит жәабран 2 рзы имҩаҧысуа апленартә аилатәараҿы, анеҩс, аоппозициатә депутатцәа рмандат аанкыларазы абжьыҭира мҩаҧыргоит.