Леван Хабеишвили – Апатриотцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит, амч ахархәара ҳақәшәаргьы, атәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳахьчароуп
Леван Хабеишвили – Апатриотцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит, амч ахархәара ҳақәшәаргьы, атәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳахьчароуп

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Леван Хабеишвили иҳәамҭала, апартиақәа зегьы «Иаку амилаҭтә ҵысра» ақәиҭымтәра иадҳәаланы рпозициа аадырҧшыроуп,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ари апроцедура иалагеит.

Хабеишвили иажәақәа рыла, амч мчыла уаҿагылароуп, иаҭаххар,  атәыла ахақәиҭреи адемократиеи махәҿалагьы ихьчатәуп.

«Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала,  „Иаку амилаҭтә ҵысра“ аҧыхра апроцедура иалагоит. Аконституциатә аӡбара адҵаалара игәы иҭоуп. Сара аполитикатә партиақәа зегьы рахь, иара уабс, Саломе Зурабишвили лахь  ааҧхьара ҟасҵоит  ари азҵаара иадҳәаланы рпозициа рҳәарц. Уи Амилаҭтә ҵысра мацара иадҳәалам, уи аҳәынҭқарратә зҵаароуп.

„Иаку амилаҭтә ҵысра“ адгылаҩцәеи, ари атәыла апатриотцәеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит ари апроцесс махәҿалагьы иаҿагыларц. Амч ахархәара ҳақәшәаргьы, ҳтәыла ахақәиҭреи адемократиеи ҳахьчароуп», – иҳәеит  Леван Хабеишвили.