Леван Хабеишвили – Иванишвили ихҳәара ҳалымшар,  ҽакала ҳзиааиуам,  амилаҭтә жәлартә мобилизациа иҟазароп, ҳара жьҭаара 4-нӡа аҿҳәара ҳамоуп, уи уаанӡа иҟаҳҵар еиҕьуп
Леван Хабеишвили – Иванишвили ихҳәара ҳалымшар,  ҽакала ҳзиааиуам,  амилаҭтә жәлартә мобилизациа иҟазароп, ҳара жьҭаара 4-нӡа аҿҳәара ҳамоуп, уи уаанӡа иҟаҳҵар еиҕьуп

«Мҩа заҵәык ауп иҟоу,  Биӡина Иванишвили ирежим ахҳәара», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Леван Хабеишвили.

Хабеишвили иҳәамҭала, уажәы аидгылароуп ахадаратә ҵакы змоу.

Леван Хабеишвили ишиҳәаз ала,  амч аҭак аҭатәуп амч ахархәарала.

«Иванишвили ихҳәара ҳалымшар,  ҽакала ҳзиааиуам. Иара алхрақәа мҩаҧигом, иара ари атәылаҿы алхрақәа иаҧихит, аполитика иҟам, адемократиа иҟам. Апартиақәа иаҧыхуп. Аҩызцәа, доусы ҳәамҭас иҟаиҵо акәӡам аус злоу, ҳара алшара заҵәык ҳамоуп, Биӡина Иванишвили амч дацәшәоит. Иара амч ахархәарала даҳиааиуеит, ианиҭаху  — ҳааникылоит, ианиҭаху  — гәымбылџьбарала дҳазныҟәоит. Убри аҟынтә, ари ауаҩы дықәаҳцаанӡа  ихала џьаргьы дцом. Амч мчыла ҳаҿагылар, иара дхьаҵуеит», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.